НАТО  Украина адгылара арҕәҕәоит

НАТО атәылақәа Украина адгылара дырҕәҕәоит. Ари атәы иануп Алианс Facebook адаҟьаҿы.

«НАТО алахәылацәа Украина адгылара дырҕәҕәоит. Бельгиеи, Канадеи, Чехиеи, Естониеи, Франциеи, Германтәылеи,  Латвиеи, Литвеи, Нидерланди, Польшеи, Словакиеи, Британиа Дуи,  Америкеи аибашьыгақәа рыла Украина ацхраара аплан шьақәдырҕәҕәеит. Италиа афинанстә цхыраара армазеиуеит,  Испаниа – агуманитартә цхыраара. Ҭырқәтәыла ахыхьчара аусхкы аҿы украинатәи апартиорцәа рҟны аусеицура арҭбаауеит.

НАТО  кыршықәса рыҩнуҵҟа Украина ахыхьчараҿы иацхраауеит. Ҳара уи наҳагӡоит», — иануп НАТО  аҳәамҭаҿы.