Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ҿыц еиҿкаау Нато-Украина ахеилак аилатәара амҩаԥгара иазкыз Укаинатәи аган аҳәара дақәшаҳаҭхеит
Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ҿыц еиҿкаау Нато-Украина ахеилак аилатәара амҩаԥгара иазкыз Укаинатәи аган аҳәара дақәшаҳаҭхеит

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг аҵыхәтәантәи хҭысқәа ирызку аконсультациақәа рзы ҿыц еиҿкаау Нато-Украина ахеилак аилатәара амҩаԥгара иазкыз Укаинатәи аган аҳәара дақәшаҳаҭхеит.

Аҩадаатлантикатә алианс ахаҭарнак идыррақәа рыла, Нато-Украинатәи ахеилак аилатәара ԥхынгәы 26 рзы адипломатцәа рыҩаӡараҿ мҩаԥгахоит.

Ахеилак аҿы Амшын Еиқәа ала украинатәи ачарыц аиагара иахцәажәоит.