Михаил Сарџьвелаӡе  - Саакашвили ихаан,  аӡбарҭа иаҳа акырӡа ианылаҟәыз,  абри аҩыза асанкциақәа рхы иадырхәомызт
Михаил Сарџьвелаӡе  - Саакашвили ихаан,  аӡбарҭа иаҳа акырӡа ианылаҟәыз,  абри аҩыза асанкциақәа рхы иадырхәомызт

«Асанкциақәа рышьақәыргыларазы шьаҭас иҟаз амзызқәа ирыдҳәаланы аилыркаарақәа ҟаҵатәуп», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Михаил Сарџьвелаӡе.

Иара иажәақәа рыла, ҧасатәи анапхгара рхаан абри аҩыза асанкциақәа шьақәыргыламызт.

«Ишыздыруа ала,  асанкциақәа ззышьақәыргылоу руаӡәы аӡбаҩс аус имуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит.  Шықәсқәак ирылагӡаны аус зымуа ауаҩҧсы асанкциақәа  изышьақәыргыларазы мзызс ирымаз еилыскаар сҭахуп.    Саакашвили ихаан,  аӡбарҭа иаҳа акырӡа ианылаҟәыз, ари асистемаҿы иаҳа ирацәаны апроблемақәа аныҟаз  абри аҩыза асанкциақәа рхы иадырхәомызт», — иҳәеит  Сарџьвелаӡе.

Америка анапхгара  Михаил Чинчалаӡеи, Леван Мурусиӡеи, Иракли Шенгелиеи,  Валериан  Церцваӡеи асанкциақәа рзышьақәдыргылеит.