Михаил Саакашвили – Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит аглобалтә  "Магнитски исиа"аиқәыршәара активла рхы аладырхәырц
Михаил Саакашвили – Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит аглобалтә  "Магнитски исиа"аиқәыршәара активла рхы аладырхәырц

«Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит аглобалтә  “Магнитски исиа”аиқәыршәара активла рхы аладырхәырц, избанзар, ари азҵаара апартиатә ҟазшьа амам», — ианиҵеит  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook аҿы.

«Аиустициа аминисрра ахаҭарнакцәа иацтәи аӡбаратә процессаҿ рықәгылара аҟынтә еилыскааз абри ауп:

  1. Аминистрра ахаҭарнакцәа, дара рхала иалырхыз аҳақьымцәа рыгәра ргом. Агәынкылара шысцәыӡыз,  50 кьыла ишсыгхаз, аныҟәара шсылымшо  агәра ргом.

Николаишвили ҳәа аӡәы адунеи иреиҕьу аневрологцәа иалҳәеит иара идиагноз агәра шылымго, Гори аиуристтә факультет иалгаз абри Николаишвили  агени Лахан амедицинатә зҵаарақәа ималкуеит  (иара 12 шықәса дшырҭагылаз дыстудентхеит, Америка иреиҳаӡоу анашьамҭақәа иоухьеит).

Абри зегьы ус баша ҳахыччон, уи  ауаҩшьра аҽазкра акәымзҭгьы,  Урткмелиӡе   абри аҽазкра далахәымзҭгьы.

Иара иеиҧшу асубиектқәа аглобалтә  “Магнитски исиа” ианызароуп, ари азҵаара  иаҳәаланы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит аглобалтә  “Магнитски исиа”аиқәыршәара активла рхы аладырхәырц, избанзар ари азҵаара апартиатә ҟазшьа амам», — иҩит  Михаил Саакашвили.