Михаил Саакашвили  игәабзира аҭагылазаашьа иахҟьаы иахьатәи аӡбаратә процесс дзалахәхәом
Михаил Саакашвили  игәабзира аҭагылазаашьа иахҟьаы иахьатәи аӡбаратә процесс дзалахәхәом

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иус рыӡбоит.

Аилатәара иалагаанӡа аӡбаҩ  Бадри Кочламазашвили ишиҳәаз ала,  Саакашвили анахарала, мамзаргьы азалаҿ аҟазаара аформала  апроцесс аҽалархәра идаргалеит, аха, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа мзызс иҟаҵаны,  мап икит.

Иахьатәи аӡбаратә процесс ихырҧоуп, уи мҩаҧгахоит жәабран 21, асааҭ  11:00 рзы.