Михаил Саакашвили – Ахыркәыдҩы  адырҩаҽныҵәҟьа дысзаарышьҭит, аха, аҳақьымцәа срызҧшуижьҭеи хәымш ҵит
Михаил Саакашвили – Ахыркәыдҩы  адырҩаҽныҵәҟьа дысзаарышьҭит, аха, аҳақьымцәа срызҧшуижьҭеи хәымш ҵит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иара иахь ихатә ҳақьым  днарышьҭырц даҳәоит. Саакашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қарҭ ақалақьтә аӡбараҿы,  иахьа уаҟа  «Закәандарала аҳәаа ахысра иазку» аус иахәаҧшуеит.

Саакашвили ишиҳәаз ала, ахыркәыдҩы адырҩаҽныҵәҟьа дизаарышьҭит, аха, аҳақьымцәа дрызҧшуижьҭеи хәымш ҵит.

«Иацжәацы абахҭашҟа  ахыркәыдҩы сиҧхьеит. Иацы дысзаарышьҭит. Аха, схатә ҳақьым Ника Ҟиҧшиӡе  хәымш сизыҧшуп.  Иара Ниу – Иоркынтә дааин,  сбара азин ирҭарц есымша арзаҳалқәа иҩуеит.  Ахыркәыдҩы азин ирҭеит, аҳақьым ирҭом. Хәымчыбжь ҵит Иванишвили идҵала аҳақьымцәа сбара азин рырымҭоижьҭеи. Агәабзиара аганахьала крызҵазкәа апроблемақәа сымоуп, раҧхьаӡа акәны ашьақәыҕәҕәара сызцәырҵит, анемиа ҕәҕәа сымоуп,  сгәабзиара есымша еицәахоит», — иҳәеит Саакашвили.