Михаил Подолиак - Аибашьра ирласӡаны ахыркәшаразы мҩа заҵәык ауп Украина ахымцабџьарла аиқәыршәареи Урыстәылатәи анефти агази ембарго рықәҵареи
Михаил Подолиак - Аибашьра ирласӡаны ахыркәшаразы мҩа заҵәык ауп Украина ахымцабџьарла аиқәыршәареи Урыстәылатәи анефти агази ембарго рықәҵареи

Аибашьра ирласӡаны ахыркәшаразы мҩа заҵәык ауп Украина ахымцабџьарла аиқәыршәареи Урыстәылатәи анефти агази ембарго рықәҵареи,-“Твиттер” аҿы иҩит Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ хада Михаил Подолиак.

Подолиак иажәақәа рыла, еицырдыруа аналитикцәа ргәы шаанаго ала, Украина еиҵыху аибашьра адунеи зегь аҿы афатә аалыҵ акризис ахылҵыр ҟалоит.

„Аибашьра ирласӡаны ахыркәшаразы мҩа заҵәык ауп Украина ахымцабџьарла аиқәыршәареи Урыстәылатәи анефти агази ембарго рықәҵареи. Аалыҵ ахы ахә цәгьахоит ҳәа аибашьразы илақәа инапы аҧыразкуа, ахә аҵәгьахареи аибашьреи иоуеит“, –иҩит Подолиак.