Михаил Ҟавелашвили – Ашьхашәаҩатә курорт Кранс-Монтанаҿ иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, ақырҭуа жәлар Швеицариа жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит
Михаил Ҟавелашвили – Ашьхашәаҩатә курорт Кранс-Монтанаҿ иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, ақырҭуа жәлар Швеицариа жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит

«Ашьхашәаҩатә курорт Кранс-Монтанаҿ иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит. Акгьы зхарамыз ауаа рацәа ҭахеит», — иҩит Қырҭтәыла ахада  Михаил Ҟавелашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Ихьанҭаӡоу аамҭазы ақырҭуа жәлар Швеицариа жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Ари арыцҳара ду иалаӡыз ауаа рҭаацәарақәа срыдашшылоит. Аахақәа зауз ирласны абзиахара рзеиҕьасшьоит. Қырҭтәыла ишәыдгылоуп», — иҩит Ҟавелашвили.

Ашьхашәаҩатә курорт Кран-Монтанаҿ аҧжәара ҟалеит  ажьырныҳәа 1 азы, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  01:30 рзы. Аҧжәара амшала ари акурортаҿ иҭахеит 40ҩык раҟара,  100ҩык иреиҳаны аахақәа роуит. Атәылаҿы хәымштәи аџьабара рылаҳәоуп.