Марко Рубио – Украина иахьыҟоу ҳдыруеит, Урыстәылагьы иахьыҟоу ҳдыруеит, излауа ала ирласны алҵшәа ҳаур ҳҭахуп, мамзар, Трамп ихаҭа иӡбар акәхоит ари аус шаҟа аамҭа иазалхтәу
Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио иҳәамҭала, Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы излауа ала ирласны алҵшәа ҳаур ҳҭахуп, мамзар, Трамп ихаҭа иӡбар акәхоит ари аус шаҟа аамҭа иазалхтәу.
Рубио ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Fox News аинтервиу аҿы.
«Украина иахьыҟоу ҳдыруеит, Урыстәылагьы иахьыҟоу ҳдыруеит, уажәы Путин дахьыҟоу ҳдыруеит. Дара уажәгьы еицәыхароуп. Еизааигәахац азыҳәан излауа ала ирласны алҵшәа ҳауроуп, мамзар, Трамп ихаҭа иӡбар акәхоит ари аус шаҟа аамҭа иазалхтәу», — иҳәеит Рубио.
Иара убас, Марко Рубио Америкеи Китаии реизыҟазаашьақәагьы дрылацәажәеит.
«Китаиаа иаҳҧылар рҭахуп, иҳацәажәар рҭахуп. Ари аус знапы иану ауаа ҳамоуп. Афинансқәа рминистр Скотт Безант ари апроцесс далахәып. Хара имгакәа аиҿцәажәарақәа иалагоит. Даҽа ҩышықәса абас инагӡахар, апроблемақәа ҳауеит, ҳара Китаи ҳахьыҧшызаауеит», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ.