Марко Рубио - Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә аибашьра аҵыхәҧҵара иацхрааша иарбанзаалак амеханизм адгылара дазыхиоуп
Марко Рубио - Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә аибашьра аҵыхәҧҵара иацхрааша иарбанзаалак амеханизм адгылара дазыхиоуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио  иҳәамҭала, Дональд Трамп  урыстәыла-украинатә аибашьра аҵыхәҧҵара иацхрааша иарбанзаалак амеханизм адгылара дазыхиоуп.

Рубио ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Анталиа имҩаҧысуа НАТО атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылараҿы.

«Америка ахада иаартны ипозициа иҳәеит  – аибашьра хыркәшазар иҭахуп. Иара абаланс зызу,  иҭышәынтәалоу аҭынчра ҕәҕәа еиқәзыршәаша иарбанзаалак амеханизм дадгылоит. Иара аибашьрақәа рҧырҟәҟәара дазҿлымҳауп», –  иҳәеит  Марко Рубио.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, НАТО хықәкык ауп иамоу  — ахатә алшарақәа рхархәарала аибашьрақәа рҧырҟәҟәара.

«Убри азоуп Алианс иаҳа иҕәҕәазар заҳҭаху. Иааиуа амшқәа рзы иҟало аабап, апрогресс ҳбар ҳҭахуп.  Ҳара, иҳалшо ала, ари апроцесс ҳацхраар ҳҭахуп. Урыстәыла-украинатә аимак еибашьрала изыӡбахом. Ари аибашьра адипломатиатә аӡбарала ихыркәшахоит.  Аибашьра аҟәыҵразы шаҟа ирласны еиқәшаҳаҭхо аҟара имаҷны ауаа ҭахоит», —  иҳәеит  Марко Рубио.