Марко Рубио – Америка ахьӡала ақырҭуа жәлар рмилаҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалоит, Америка  ашәарҭадареи аҧеиҧш бзиа аиқәыршәареи Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирызку апартниорра иазгәыкуп
Марко Рубио – Америка ахьӡала ақырҭуа жәлар рмилаҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалоит, Америка  ашәарҭадареи аҧеиҧш бзиа аиқәыршәареи Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирызку апартниорра иазгәыкуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио , Америка ахьӡала ақырҭуа жәлар Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

Марко Рубио идныҳәаларатә шәҟәы кьыҧхьуп Аҳәынҭқарратә департамент  авебдаҟьаҿы.

„Америка ахьӡала ақырҭуа жәлар рмилаҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалоит. Ҩажәеижәаба шықәса еиҳаны ҳмилаҭқәа реиҩызареи рпартниорреи шьақәгылон иаҳзеиҧшу апринципқәеи, адемократиеи, асуверинитети, иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәара аҽазышәареи ашьаҭала.  Ҳара ақырҭуа жәлар шыҕәҕәоу, ачҳара ду шрылоу аадыруеит.  Америка  ашәарҭадареи аҧеиҧш бзиа аиқәыршәареи Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирызку апартниорра иазгәыкуп“, – иазгәеиҭеит Марко Рубио.