Вашингтон ахада лыӡбарала, лаҵара   26 Вашингтон ақалақьаҿ Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшны ирылаҳәоуп 
Вашингтон ахада лыӡбарала, лаҵара   26 Вашингтон ақалақьаҿ Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшны ирылаҳәоуп 

Вашингтон ахада  Миуриел Баузер  лаҵара   26 Вашингтон ақалақьаҿ Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшны рылалҳәеит.

Вашингтон ахада иҟалҵаз адҵа ишану ала, Вашингтон, ақырҭуа жәлари ақырҭуа диаспореи инарывагыланы, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инарнкы 35 шықәса аҵра азгәарҭоит.

«Қырҭтәыла, адемократиатә принципқәа рықәныҟәареи, аекономикатә аҿиара дуи, астратегиатә жәларбжьаратәи аусеицуреи аганахьала жәларбжьаратәи ауаажәларра зҵакы дуу алахәылоуп; Америка иҟоу ақырҭуа диаспора рҭынхареи, ртрадициақәеи, реихьӡарақәеи рыла  ҳмилаҭ ркультуратә ахкырацәара дырбеиоит, аекономикатә мчы ҳарҭоит; Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа, ахатә аҟазаареи ҳажәлар аус рыцуреи ала Колумбиа аокруг арҕәҕәоит, убри аҟынтә, зыхә дуу ҳаизыҟазаашьақәеи ҳкультуратә аимадарақәеи пату рықәҵаны, ҳара, ақырҭуа жәлари ақырҭуа диаспореи ҳрывагыланы, Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны 35 шықәса аҵра азгәаҳҭоит: сара, Вашингтон ахада,  2026 шықәса лаҵара 26 Вашингтон ақалақьаҿ Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшны ирыласҳәоит”», — иануп адҵаҿы.