Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, атәыла зехьынџьара аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит
Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, атәыла зехьынџьара аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит. Ауцсмҩаҧгатәқәа еиҿыркааит аиҳабыра радминистрациа.
Шьыжь инаркны, Қарҭ, Ахақәиҭра ашҭаҿы, ишаҧу еиҧш, аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаҧгахоит.
Аиҳабыра радминситрациа адыррақәа рыла, ақьырсианра аҳәынҭқарратә религиас алаҳәара инаркны 1700 шықәса аҵра иадҳәаланы, сынтәа Ахьыҧшымра амш иазку аусмсҩаҧгатәқәа еиҿкаауп аконцепциа – «1700 шықәса адинхаҵара амч ҳнаҭоит — абзиабара ҳаиднакылоит» ашьаҭала.
Иара убас, аинформациа ишану ала, сынтәа, раҧхьаӡа акәны, сынтәа аҭоубашьҭаҵара ацеремониа иаҳа инарҭбааны имҩаҧгахоит: аррахь ицо аҿар ҭоуба шьҭарҵоит арегионқәа рҿгьы — ажәытәӡатә ақьырсиантә уахәамақәеи аберҭыҧқәеи рҿаҧхьа.
Убри аҽны, Қарҭ, Орбелиани ишҭеи Алеқсандровтәи абаҳчеи рҿы, еиуеиҧшым акультуратәи, аспорттәи, агәырҿыхаратәи, ахәыҷтәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит. Аамҭакала, аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит арегионқәа рҿы, ашҭа хадақәа рҿы.
Асааҭ 17:10 рзы, атәыла зехьынџьара аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа анагӡара ала, иазгәаҭахоит ахьыҧшымра алаҳәара аамҭа. Аныҳәа хыркәшахоит атәыла зехьынџьара имҩаҧысуа аконцерт ду ала.