Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,  Михаил Саакашвили  украинатәи акурорт Трускавец дыҟоуп
Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,  Михаил Саакашвили  украинатәи акурорт Трускавец дыҟоуп

Апарламенттә фракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамуки Мдинараӡе иҳәамҭала, Михаил Саакашвили   украинатәи акурорт Трускавец дыҟоуп.

Иахьатәи абрифинг аҿы Мдинараӡе ишиҳәаз ала, иахьа Саакашвили даҽазнык иполитикатә кариера хиркәшеит.

«Михаил Саакашвиил украинатәи акурорт Трускавец  дыҟоуп.  Иаха, авидео аналаирҵәоз, асасааирҭа  «Риксос» аҿы дыҟан.  Иара иалаирҵәаз афеик ҟьашьы ала абри ауаҩы даҽазнык иполитикатә кариера хиркәшеит», — иҳәеит Мдинараӡе.