Мамука Мдинараӡе  - Еснагь игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит иахьазы Қырҭтәылеи  ақырҭуа жәлари ирызку аӡбарақәа Қырҭтәыла ишрыдыркыло 
Мамука Мдинараӡе  - Еснагь игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит иахьазы Қырҭтәылеи  ақырҭуа жәлари ирызку аӡбарақәа Қырҭтәыла ишрыдыркыло 

Ҳара еснагь игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит иахьазы Қырҭтәылеи  ақырҭуа жәлари ирызку аӡбарақәа Қырҭтәыла ишрыдыркыло, – иҳәеит Қырҭтәыла авице-аҧыза, азинхьчаратә органқәа ркоординациа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Мамука Мдинараӡе аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Мамука Минараӡе ишазгәеиҭаз ала, иахьа Қырҭтәыла, зеиҧшҟамлац ала ахы иақәиҭуп.

„Ҳара еснагь игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит иахьазы Қырҭтәылеи  ақырҭуа жәлари ирызку аӡбарақәа Қырҭтәыла ишрыдыркыло. Ақырҭуа дцәажәонаҵы, акоуп дызлацәажәо, атәыла ахьыҧшымреи асуверенитети, ҳара уи азыҳәан ашьаҭа ҕәҕәа аҧаҳҵеит. Убри аҟынтә, згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит иахьа Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац ала ахы ишақәиҭу.  Егьирахь зегьы, бзиарак ҳалацәажәозар  – мышхәыбзазара, аҭынчра, ақәҿиарақәа, Евроеидгыла аума даҽа еиҿкаарак аума алалара уҳәа, абри зегьы ииашоу амилаҭтә принципқәа иазҧхьагәаҭаны еиқәҳаршәоит. Раҧхьа иргыланы, ҳтәыла ахьыҧшымроуп уи ҳалзыршо“, – иҳәеит Мамука Мдинраӡе.