Мамука Мдинараӡе  - Азинхьчаҩцәа рыгәҭа азакәан еилазгаз иҟазаргьы, урҭ хымҧала иаарҧшны ашьауҕа рыҭатәуп, избанзар, абарҭ фатқәак рымшала ҳзинхьчаҩцәа фырхаҵарала иҟарҵо аус ду ахә ҳамшьар ҟалом, аха, аӡәы ҳзинхьчаҩцәа  раҳаҭыр лаирҟәозар, арҭ афактқәагьы аарҧштәуп

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа рыгәҭа ацәгьара ҟазҵаз ауаа иҟазаргьы, урҭ рхьырхәрадара амзызқәа рацәазар ауеит. Аусеилыргара инагӡоит, шәааи, алҵшәақәа ҳрызҧшып, — иҳәеит аҳәынҭқарратә министр иҭыҧ азы акандидати авице-аҧызеи  Мамука Мдинараӡе апрограмма  «Имеди ЛАИВ» аҿы.

Мдинараӡе иҳәамҭала, азинхьчаҩцәа рыгәҭа азакәан еилазгаз аӡәык-ҩыџьак иҟазаргьы, урҭ хымҧала иаарҧшны ашьауҕа рыҭатәуп, избанзар, абарҭ акык-ҩбак афатқәа рымшала ҳзинхьчаҩцәа фырхаҵарала иҟарҵо аус ду ахә ҳамшьар ҟалом.

Мамука Мдинараӡе  2024 шықәсазы имҩаҧысуаз акциақәа раан азинхьчаҩцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, абри аҩыза афактқәа рпревенциа иҽазикуеит, арҭ азҵаарақәа иаҳа хшыҩзышьҭра рзиуеит.

„2024 шықәсатәи ахҭысқәа ибзианы иҳгәалашәоит. Ари атема имаҷымкәа ҳазхәыцхьеит, имаҷымкәа ҳалацәажәеит, аиаша шәасҳәап,  азинхьчаҩы икаҳаз аҷкәын шьапыла дшиҕрасуаз анааба  акыргьы ҳгәамҵит. Сара уажәакәӡам уи анысҳәаз, уаанӡагьы ари азҵаара салацәажәон, аха, уажәтәи  скомпетенциа иаҳа алшара снаҭоит, абри аҩыза азҵаарақәа иаҳа хшыҩзышьҭра рзура сылшоит. Ажәа шәыцсҭоит абри аҩыза афактқәа рпревенциа шыҟало“, – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.