Мака Боҷоришвили – Стәыла егьырҭ атәылақәа раҧхьа жәларбжьаратәи анормақәа реилагара иалаӡит, убри амшала Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵанахалеит
«Иахьа ОБСЕ шьаҭас иамоу апринципқәа ауадаҩрақәа ирҭагылоуп. Стәыла егьырҭ атәылақәа раҧхьа жәларбжьаратәи анормақәа реилагара иалаӡит, убри амшала Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵанахалеит. Қырҭтәылаҿ Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиатә политикеи Украинаҿ имҩаҧысуа аибашьреи роуп Европа зегьы ашәарҭара иҭазыргыло», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ОБСЕ Аминистрцәа рхеилак 31-тәи аиҧылараҿы данықәгылоз.
Аминистр лҳәамҭала, Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа — Аҧсни Цхтинвалтәи арегиони рымпыҵахалара нанагӡоит, убри ала жәларбжьаратәи зин апринципқәеи анормақәеи еиланагоит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы жәларбжьаратәи амеханизмқәа рыҟазаареи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи ахымҧадара иазгәалҭеит. Ари аганахьала ҷыдала иалкаан Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҵакы.