Мака Боҷоришвили  – Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала импыҵахалоуп, убри аҟынтә, аихамҩатә анеиааира ма аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳалацәажәом, анеитралитетгьы алацәажәара иахәҭам
Мака Боҷоришвили  – Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала импыҵахалоуп, убри аҟынтә, аихамҩатә анеиааира ма аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳалацәажәом, анеитралитетгьы алацәажәара иахәҭам

Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала импыҵахалоуп, убри аҟынтә, аихамҩатә анеиааира ма аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳалацәажәом, анеитралитетгьы алацәажәара иахәҭам, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили апарламентаҿ данықәгылоз.

„კ2025  шықәса жәабран  20 рзы, Атәылауаҩратә авиациа жәларбжьаратәи аиҿкаарашҟа иашьашәалоу анота дәықәҵан. Уаҟа иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра рзин иҟамкәа импыҵахалоу Аҧсны аҧыррақәа рымҩаҧгара закәаным ҳәа, уи жәларбжьаратәи зин анормақәа реилагара шакәу. Қырҭтәыла адипломатиатә маҵзура, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҟны еиҧҟьарада аусеицура нанагӡоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара аимакқәа аҭынчмҩала рҭыҧқәҵара иазку ҳхықәкы хада анагӡаразы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхархәара ҳалшоит“, –  илҳәеит Мака Боҷоришвили.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишылҳәаз ала, ампыҵахалара ахаҭагьы азакәандароуп, убри аҟынтә, ампыҵахалара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусқәа зегьы азакәандароуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

„Қырҭтәыла анапхгара рпозициа ибзиаӡаны иубарҭоуп Жәларбжьаратәи аӡбара 2021-2025 шықәсқәа рзтәи ақәҵарақәа рҿгьы. Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара иадҳәаланы ҳпозициаа ааҳарҧшит. Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала импыҵахалоуп, убри аҟынтә, аихамҩатә анеиааира ма аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳалацәажәом, анеитралитетгьы алацәажәара иахәҭам, – илҳәеит  Мака Боҷоришвили.