Мака Боҷоришвили - „Имедии“ „ПостТВ“-и асанкциақәа рзышьақәыргылара заҭахыз мзызк ма документк зымбеит, абри аҩыза шаҳаҭгак цәырыргап ҳәа сгәы иаанагом
Британиа Ду ахь аҳәара ҟасҵоит ателееилахәырақәа „Имедии“ „ПостТВ“-и асанкциақәа рзышьақәыргылара заҭахыз мзызк ма документк цәырыргарц, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
Боҷоришвили лажәақәа рыла, лара абри аҩыза ашаҳаҭгак лымбацт.
„Лондон абарҭ ателееилахәырақәа ирыхәаҧшуеит ҳәа ҳгәы иаанагом. Убри аҟынтә, ҳгәы ишаанаго ала, асанкциақәа рзышьақәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит Қарҭынтә ироуз аинформациа ашьаҭала. Ацҳаражәҳәаҩ ҳиазҵааит абри аӡбара шьаҭас иамои ҳәа. Сара изакәызаалак мзызк ма документк зымбацт. Иара иҟынтәгьы аҭак ҳмоуит, конкретла акгьы имҳәеит, Урыстәыла арҕәҕәареи Украина арҧсыҽреи аҽазкра ҳхарарҵоит. Ҳара абарҭ ахарадҵарақәа ҳрықәшаҳаҭым. Абри зегьы шьақәырҕәҕәатәуп, иахәҭоу ашаҳаҭгақәа цәырыргароуп, аха, сара уи сақәгәыҕуеит ҳәа сызшәаҳәом“, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.
Лара лажәақәа рыла, ақырҭуа телееилахәырақәа русура аҧкра ақырҭуа уаажәларра ржәылароуп иаанаго.