Мака Боҷоришвили – Авизада аиҭаҵра аанкылара ала Қырҭтәыла атәылауаа ашантаж рзыруеит, агәра ганы сыҟоуп Евроеидгыла ари азнеишьа ишақәшаҳаҭымхо, ҳтәылауаа ишахьдмырхәо
«Авизада аиҭаҵра аанкылара ала Қырҭтәыла атәылауаа ашантаж рзыруеит, Қырҭтәыла ауааҧсыра европауаа дара ирҿагыланы ашьаҿақәа ҟарҵар ҳәа ишәоит. Сара агәра ганы сыҟоуп Евроеидгыла ари азнеишьа ишақәшаҳаҭымхо, ҳтәылауаа ишахьдмырхәо», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
Боҷоришвили лҳәамҭала, ҧхынҷкәын 16 рзы Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла иадҳәаланы адискуссиа мҩаҧысуеит. Лара ишылҳәаз ала, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирҧырхагахаша аӡбара рыдыркылап ҳәа лгәы иаанагом.
«Шәааи, ҧхынҷкәын 16 рзы имҩаҧысраны иҟоу адискуссиа ҳазыҧшып. Ҳәынҭқаррақәак агрессиатә позициа шрымоу ҳбоит, аха, ари апозициа иақәшаҳаҭым атәылақәагьы шырацәоу ҳдыруеит. Шәааи, адискуссиа ҳазыҧшып, Евроеидгыла иалоуп 27 ҳәынҭқаррақәа, асанкциақәеи егьырҭ ахьырхәратә шьаҿақәеи ирызкны еиқәшаҳаҭны аӡбара рыдыркылоит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.