Мака Боҷоришвили – Аимак ҭыҧқәа рҿы акультуратә ҭынхара ахьчареи, аинаалареи аҭынчреи азы мҩа заҵәык аҳасабала адиалог ацхраара иазку  ИУНЕСКО аҽазышәарақәа рыхә ҳшьоит
Мака Боҷоришвили – Аимак ҭыҧқәа рҿы акультуратә ҭынхара ахьчареи, аинаалареи аҭынчреи азы мҩа заҵәык аҳасабала адиалог ацхраара иазку  ИУНЕСКО аҽазышәарақәа рыхә ҳшьоит

«Акультура —  ҳҷыдаҟазшьара аанарҧшуеит. Уи амч ду амоуп, ауаа реидкылара алшоит. Ашәышықәсақәа рацәа ирылагӡаны, ахатә ҭоурых ду абзоурала, Қырҭтәыла хәы змам акультуратә ҭыхара аҧҵареи ахьчареи алшеит», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Самарканд имҩаҧысуа ИУНЕСКО Аконференциа хадаҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла, Европеи Азиеи рыбжьара ишьҭоу Қырҭтәыла, ахатә географиатә ҭыҧ абзоурала, атранспорттәи аекономикатәи корридоруп,  аха, уи адагьы, аидеиақәеи, атрадициақәеи, ауаа реимадареи еимыздо ацҳауп.

«Қырҭтәыла акультуратә ҭынхара ҳҷыдаҟазшьара аанарҧшуеит. Ҳара ақырҭуа аҩы аҟаҵара аҭоурыхтә традициеи, ауникалтә абжьырацәаратә ашәаҳәареи ҳгәы рыздууп, ИУНЕСКО абри зегьы азханаҵеит иматериалым акультуратә ҭынхарас. Гәыкала ааҧхьара шәысҭоит ақырҭуа павилионахь, уаҟа ижәбар шәылшоит аҩыҟаҵаратә традициақәа, иара убас, ахәылҧазтәи адкылараҿы ҳполифониатә ашәаҳәара шәаҳар шәылшоит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.

Лара лажәақәа рыла, ИУНЕСКО шьаҭас иамоу апринципқәа  — аҭынчреи, апатуеиқәҵареи, аусеицуреи  — Қырҭтәылазы аҵакы ду рымоуп.

«Аҭынчра  — абстрактә аилкаара акәӡам, уи аҧсҭазааратә хымҧадароуп. Ҳара, аимак иахылҵуа ҳдыруеит, ари аганахьала аҧышәа ду ҳамоуп, убасҟан ауаа реимадареи иҧсыҽхоит. Қырҭтәыла хәҭақәак иахьагьы урыстәылатәи ампыҵахалараҿы иҟоуп, уаҟа инхо ауаа рхатә бызшәала аҵара алшара рымам, рхы иақәиҭны изеиҭаҵуам, ркультуратә аҷыдаҟазшьара рзырыхьчом. Ари алабҿабара даҽазнык иҳгәаланаршәоит ИУНЕСКО амиссиа аҵакы ду шамоу  — ари амиссиа зехьынџьара аҵареи, акультуреи, аҭынхареи рыхьчара иазкуп.  Аимак ҭыҧқәа рҿы акультуратә ҭынхара ахьчареи, аинаалареи аҭынчреи азы мҩа заҵәык аҳасабала адиалог ацхраара иазку  ИУНЕСКО аҽазышәарақәа рыхә ҳшьоит.  Абри ахырхарҭала, Қырҭтәыла, еснагь аҭынчреи, жәларбжьаратәи зин апринципқәеи, асуверинитети, аҵакырадгьылтә акзаареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи  рыхьчара иазгәыкуп», — илҳәеит аминистр.