Ллоид Остин - Ишаҳҳәаз еиԥш, Украина ацхыраара аҳҭоит, автократцәа агәыла ақәылара ахьилшо адунеи аҿы аԥсҭазаара аӡәгьы иҭахым
Ллоид Остин - Ишаҳҳәаз еиԥш, Украина ацхыраара аҳҭоит, автократцәа агәыла ақәылара ахьилшо адунеи аҿы аԥсҭазаара аӡәгьы иҭахым

ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин иҟаиҵаз аҳәамҭала, Германтәыла, Польша, Канада, Португалиа, Испаниа, Норвегиа, Даниа, Нидерланды аибашьыга танкқәа Leopard 2 Украина аҭара апроцесс аус адырулоит. Ари атәы Остин Бриуссель имҩаԥысуа Нато аминистериал аҿы ааицҳаит.

Ллоид Остин иажәақәа рыла, автократцәа агәыла ақәылара ахьилшо адунеи аҿы аԥсҭазаара аӡәгьы иҭахым.

„Аконтакттә гәыԥ ишаанацҳаз, ахьыԥшымразы ақәԥара аус аҿы Украина ҳадгылоит. Ишаҳҳәаз еиԥш, Украина ацхыраара аҳҭоит. Украина ахада Раммштаин аҵыхәтәантәи аиԥылараҿ ишазгәеиҭаз ала, атәыла арратә аибыҭара рацәаны аҭахуп. Ҳара ари алшара ҳамоуп, ҳҩыза бзиа Украина Атәылахьчара аминистр Алексе Резников ари аус аҿы дҳавагылоуп. Аиабшьа иалагеижьҭеи шықәсык ҵит, иахьа ахаан ишыҟамыз еиԥ ҳаидгылоуп. Ҳакзаара иаҳа шыӷәӷәахо агәра згоит.

Автократцәа агәыла ақәылара ахьилшо, аҭынч тәылауаа абомбақәа рыларыжьра ахьилшо адунеи аҿы аԥсҭазаара аӡәгьы иҭахым. Германтәыла, Польша, Канада, Португалиа, Испаниа, Норвегиа, Даниа, Нидерланды аибашьыга танкқәа Leopard 2 Украина аҭара апроцесс аус адырулоит“, – иҳәеит ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ.