Ллоид Остин ишааицҳаз, ЕАШ абџьармчқәа Ираҟи Шьамтәылеи бжь обектк рҿы 85 ҵәҟьара рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит
Ллоид Остин ишааицҳаз, ЕАШ абџьармчқәа Ираҟи Шьамтәылеи бжь обектк рҿы 85 ҵәҟьара рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин ишааицҳаз, ЕАШ абџьармчқәа Ираҟи Шьамтәылеи бжь обектк рҿы 85 ҵәҟьара рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит.

Остин иажәақәа рыла,Џьамтәыла “Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпуси” урҭ иадҳәалоу агәыԥқәеи арҭ аобиектқәа  ЕАШ арратә обиектқәа ржәыларазы рхы иадырхәон.

Пентагон анапхгаҩы ишаицҳаз, ахада Баиден адҵа ҟаиҵеит ЕАШ-и акоаллициатә мчқәеи рықәларазы аҭак зыԥхықәу “Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпуси” урҭ иадҳәалоу агәыԥқәеи рганахьала иацҵоу усмҩаԥгатәқәа рымнагӡаразы.

Иордариа иҟоу арратә база ақәылара иаҭакны, ЕАШ Шьамтәылеи Ираки рҵкыраҿ аҳаиртә жәылара мҩаԥнагеит.

Иорданиа, Шьамтәыла аҳәааҿ иҟоу арратә база аганахьала ажәылара мҩаԥган ажьырныҳәа 28 рзы, иҭахеит хҩык америкатә аруаа,40-ҩык ахәрақәа роуит.