Ллоид Остин – Уажәы аибашьра ихьанҭаӡоу афаза иҭагылоуп, Украина зыҧшра ҟамҵакәа  аколлективтә цхыраара аҭатәуп
Ллоид Остин – Уажәы аибашьра ихьанҭаӡоу афаза иҭагылоуп, Украина зыҧшра ҟамҵакәа  аколлективтә цхыраара аҭатәуп

Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид  Остина иҳәамҭала,  Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра ихьанҭаӡоу афаза иҭагылоуп, убри аҟынтә, Мрагыларантә ацхыраара Украиназы аҵакы ду амоуп. Пентагон анапхгаҩы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  ахыхьчареи Украина азҵаареи азы аимадаратә гәыҧ аилатәараҿы.

«Уажәы аибашьра ихьанҭаӡоу афаза иҭагылоуп,  убри аҟынтә , Украина зыҧшра ҟамҵакәа  аколлективтә цхыраара аҭатәуп, уи Украиназы аҵакы ду амоуп. Урыстәыла ргәы иаанагоит  Украианеи ҳареи ҳаасҭа иаҳа кыраамҭа  ачҳара рылшап ҳәа. Аха, араагьы иҩашьеит.  Аимадаратә гәыҧ Украина кыраамҭала ацхрааразы аиновациатә хархәагақәа рыҧшаара иаҿуп. Украинаа рхы рыхьчарцаз ирҭаху атехнологиақәеи  абџьари рыла еиқәҳаршәоит», — иҳәеит  Остин.

Остина ишиҳәаз ала, ҳазну амчыбжь азы ицәырыргоит Украина ацхраара иазку апакет ҿыц, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  4 цырак аракетатә комплексқәа  «Хаимарс»-и  уи иаҭаху аџьаҧҳани.