Ллоид  Остини  Сергеи Шоигуи ҭелла еиҿцәажәеит
Ллоид  Остини  Сергеи Шоигуи ҭелла еиҿцәажәеит

Америка атәылахьчара аминистр Ллоид  Остини  Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи ҭелла еиҿцәажәеит. Урыстәылеи Америкеи атәылахьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Украина аибашьра ианалага ианаркны аҩынтәраан еиҿцәажәеит.

Пентагон адыррала, аҭелтә аиҿцәажәараан Ллоид Остин иаҵшьны иазгәеиҭеит Украина иаҿагыло аибашьраан аимадара ахьчара аҵакы ду шамоу.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишазгәарҭаз ала,  Шоигуи Остини жәларбжьаратәи ашәарҭадара азҵаарақәеи Украина аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.