Сергеи Шоигу - Нато аҟынтә изызҳаз ашәарҭа амшала, Урыстәыла еиҿкаауп арратә ҩ-округк
Сергеи Шоигу - Нато аҟынтә изызҳаз ашәарҭа амшала, Урыстәыла еиҿкаауп арратә ҩ-округк

Нато аҟынтә иазҳаз ашәарҭа амшала, Урыстәыла еиҿкаауп арратә ҩокругк , – ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, Ленинградтәи Москватәи арратә округқәа реиҿкаара иабзоураны еиӷьхоит ар анапхгараҭареи ахылаԥшреи реффект.

“Урыстәыла аҳәаа ааигәара  Нато арратә потенциал арӷәӷәареи, Финлиандиеи Швециеи ралалара иахҟьоу алианс арҭбаареи, иазҳауа ашәарҭеи рымшала, аҩада-мраҭашәаратәии мраҭашәаратәи ахырхарҭақәа рыла ашьаҿақәа рыҟаҵара аӡбара ҳадаҳкылеит – еиҿкаауп арратә ҩокругк – Ленинградтәи Москватәи арратә округқәа“, – иҳәеит Шоигу.