Ллоид Остин - Қырҭҭәыла зыда ухәарҭам арратә алшарақәа иаҳа имарианы рыҳәареи раахәареи алшара аиуеит
Ллоид Остин - Қырҭҭәыла зыда ухәарҭам арратә алшарақәа иаҳа имарианы рыҳәареи раахәареи алшара аиуеит

– Қырҭҭәыла зыда ухәарҭам арратә алшарақәа иаҳа имарианы рыҳәареи раахәареи алшара аиуеит, – иҳәеит ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин. Аинформациа Пентагон аланарҵәеит.

Ллоид Остин Пентагон Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе дидикылеит.

Остин иажәақәа рыла, Қырҭтәыла мраҭашәараҟны аимадарақәа арҵаулеит, евроатлантикатәи аинтеграциа ашҟа амҩа арӷәӷәеит.

ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла алагала аглобалтә шәарҭараҿ идууп.

„Қырҭтәыла Афганистани, Нато амиссиақәа рҿы зегь реиҳа идуӡӡоу аконтрибиутор акәын. Қырҭтәыла Кавкатәи арегион аҟны амоу анырра ахәшьара ҳарак аҳҭоит. Ашәарҭадара ахырхарҭала ҳпартниорра нагӡахоит”, – иҳәеит ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ.