Џьуаншер Бурҷулаӡе Хавиер Коломина диԥылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Хавиер Коломина диԥылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Кавкази Ацентртә Азиеи арегион аҿы  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина диҧылеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина атерриториатә акзаареи атәыла Нато аинтеграциеи рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, аганқәа Қырҭтәылеи арегиони рҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ааԥхьарақәе ирыхәаԥшит.

„Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр  Хавиер Коломина Қырҭтәыла ахыхтьчаралшара арӷәӷәареи, атәылахьчара ахырхарҭала имҩаԥгаз ареформақәеи апрогресси ирдырит. Аиԥылараҿ иазгәаҭан НАТО-Қырҭтәылатәи апакет (SNGP) қәҿиарала анагӡареи алианс Қырҭтәыла акдгылареи акритикатә ҵакы шамоу. Кавкази Ацентртә Азиеи арегион аҿы  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Қырҭтәы́ла аиҳабыра русзура ахәшьара ҳарак аиҭеит“, – иануп аинформациа аҿы.