Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа ирыдҳәаланы амуниципалтә автобусқәа рмаршрутқәа ирыцлоит

12:26, 01.07.2026

Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа ирылахәы ауааҧсыра рымҩангара амзызла, аҳҭнықалақь ахадара аӡбарала,  амуниципалтә автобусқәа рмаршрутқәа ирыцлоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалтә аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, автобусқәа дәықәлоит аметростанциақәа „Ахметели итеатри“, „Дидубеи“  „Самгории“ ирыҧну аҵакырадгьыл аҟынтә.

„Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рылахәылацәа рымҩангара амзызла, Қарҭ ахадара аӡбарала, амуниципалтә автобусқәа рмаршрутқәа ирыцлоит. Автобусқәа дәықәлоит аметростанциақәа „Ахметели итеатри“, „Дидубеи“  „Самгории“ ирыҧну аҵакырадгьыл аҟынтә“, – иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, аҧышәарақәа рылахәылацәа амаршрут ҷыдақәа  рхы иадырхәар рылшоит асааҭ 06:00 инаркны  20:00-нӡа.

Еиԥшу