Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе дааныркылеит.
Ари атәы еилкаахеит иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аӡбара ақәҵара ашьаҭала даанкылоуп, амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәареи закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациеи афакт азы», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.