Лиз Траси - Молдовеи Қырҭтәылеи рсуверенитетқәа рыхьчаразы зегь ҟаҳҵароуп
Лиз Траси - Молдовеи Қырҭтәылеи рсуверенитетқәа рыхьчаразы зегь ҟаҳҵароуп

Украинеи мраҭашәаратәи Балканқәеи, Қырҭтәылеи Молдовеи иреиԥшу атәылақәа  рхатә суверенитети ахақәиҭреи рыхьчара алшара рымазароуп, – илҳәеит Британиа ду Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Траси Лондонтәи ахада ихан аҟны данықәгылоз.

Британиа актәи адипломат лажәақәа рыла, Урыстәыла аанкыларазы адунеи иҟанаҵаз иазхом.

„Украина аурок ибзиаӡаны иаҳҵароуп. Аибашьра иалагаанӡа акыр шагыз, Британиа Ду украинаа абџьар рзырышьҭит, аруаа рзыҟаҵараҿ ирыцхрааит, аха  Урыстәыла аанкыларазы адунеи иҟанаҵаз иазхом. Абри еиԥш агха уаха ҟаҳҵом. Акгьы аныҟауҵо – абри ауп зегь реиҳа идуӡӡоу апровокациа. Уажәы афырхаҵара аамҭоуп. Украинеи мраҭашәаратәи Балканқәеи, Қырҭтәылеи Молдовеи иреиԥшу атәылақәа  рхатә суверенитети ахақәиҭреи рыхьчара алшара рымазароуп, ари азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Нато иаарту ашәқәа рполитика цқьоуп. Урыстәыла агрессиа иаҭакны,  Финлиандиеи Швециеи Нато иалалоит, излаҳалшо ала ирласны арҭ атәылақәа ҳадаҳкылароуп”, – илҳәеит Лиз Траси.