Литва ахада  Владимир Путин дуаҩшьҩуп ҳәа Џьо Баиден ииҳәаз дақәшаҳаҭуп
Литва ахада  Владимир Путин дуаҩшьҩуп ҳәа Џьо Баиден ииҳәаз дақәшаҳаҭуп

Литва ахада  Гитанас Науседа  Владимир Путин дуаҩшьҩуп ҳәа Џьо Баиден ииҳәаз дақәшаҳаҭуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Литва Ауаажәларратә дырраҭара.

«Рыцҳарас иҟалаз,  убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Сара аҵыхәтәантәи аамҭазы  Кремль ала ацивилизациатә дунеи апринципқәеи,  амилаҭқәа рзинқәеи,  агәылацәа рҵакырадгьылтә акзаареи ратәамбара аазырҧшуа афактқәа рацәа збоит», — иҳәеит Гитанас Науседа.