Линкольн Митчелл – Мраҭашәара акыршықәса рыҩныҵҟа Саакашвили ирежим рыцәгьаурақәа рымбоушәа ҟарҵон, Миша адемократ ду иаҳасабала ихәаҧшра иаҳа ирзымариан  
Линкольн Митчелл – Мраҭашәара акыршықәса рыҩныҵҟа Саакашвили ирежим рыцәгьаурақәа рымбоушәа ҟарҵон, Миша адемократ ду иаҳасабала ихәаҧшра иаҳа ирзымариан  

«Мраҭашәара акыршықәса рыҩныҵҟа Саакашвили ирежим рыцәгьаурақәа рымбоушәа ҟарҵон», — иҩит  Twitter аҿы америкатә аналитики аполитологи, Колумбиатәи ауниверситет апрофессор  Линкольн Митчелл.

Иара иажәақәа рыла, мраҭашәаратә лидерцәа рыхәҭак  «Миша адемократ ду иаҳасабала ихәаҧшра нарыгӡарц рыӡбеит».

«Мраҭашәаратә лидерцәа рыхәҭак, иара анапхгараҿы даныҟаз  «Иаку амилаҭтә ҵысра» иадҳәаланы ишҩашьаз иазхамҵакәа, Миша адемократ ду иаҳасабала ихәаҧшра иаҳа имариоуп ҳәа ирыҧхьаӡеит», — иҩит Митчелл.