Ли Циан - Ҳара Қырҭтәылаҟны астратегиатә аимадарақәа рынагӡареи, апрактикатә усеицура арҭбаареи, ҳажәларқәа иаҳа хырҳагара рзаагареи ҳазҿлымҳауп
Ли Циан - Ҳара Қырҭтәылаҟны астратегиатә аимадарақәа рынагӡареи, апрактикатә усеицура арҭбаареи, ҳажәларқәа иаҳа хырҳагара рзаагареи ҳазҿлымҳауп

«Ҳара Қырҭтәылаҟны астратегиатә аимадарақәа рынагӡареи, апрактикатә усеицура арҭбаареи, ҳажәларқәа иаҳа хырҳагара рзаагареи ҳазҿлымҳауп», —  иҳәеит Китаи аҧыза-министр Ли Циан Қырҭәтыла аҧыза-министр  Иракли  Кобахиӡе даниҧылоз.

Ли Циан иҳәамҭала, Қырҭтәылеи Китаии рлидерцәа рстратегиатә напхгарала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа интенсивла аҿиара иаҿуп.

“Аимпорт жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа алахәызааразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла ари ацәыргақәҵа иалахәып асас ҷыда истатусла, уи ақырҭуа аалыҵ аӡыргаразы  ауникалтә алшароуп. Агәра ганы сыҟоуп ари ацәыргақәҵа ақырҭуа еилахәырақәа хырҳагара ду шырзаанаго.

Қырҭтәылеи Китаии рлидерцәа рстратегиатә напхгарала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа интенсивла аҿиара иаҿуп.  2023 шықәсазы ҳтәылақәа астратегиатә партниорра рыбжьарҵеит, убри анеҩс, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы  ҩ-ганктәи ҳусеицура иаҳа-иаҳа аҿиара иаҿуп.  Китаи Қырҭтәыла иаҭабууп аиҩызара ҕәҕәа азыҳәан.

Ҳара Қырҭтәылаҟны астратегиатә аимадарақәа рынагӡареи, апрактикатә усеицура арҭбаареи, ҳажәларқәа иаҳа хырҳагара рзаагареи ҳазҿлымҳауп”, – иҳәеит Ли Циан.