Леван Жоржолиани - Гәыриа амҩақәа р-80% ирыцқьоуп, 29000-ҩык абонентцәа афымцалашарала реиқәыршәара еиҭашьақәгылоуп, аԥхасҭа зауз агазмҩангага арҽеира ашьҭахь, абонентцәа рыхәҭа аԥсабаратә газ роухьеит
Леван Жоржолиани – Гәыриа амҩақәа р-80% ирыцқьоуп, 29000-ҩык абонентцәа афымцалашарала реиқәыршәара еиҭашьақәгылоуп, аԥхасҭа зауз агазмҩангага арҽеира ашьҭахь, абонентцәа рыхәҭа аԥсабаратә газ роухьеит, – ажурналистцәа реиҳәеит Гәыриа араион иҟоу Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.
Леван Жоржолиани иажәақәа рыла, асабарат рыцара ианалага афымцалашарада иаанхеит 35 нызқьҩык абонентцәа, жәабран 27 анҵәамҭазы 29000-ҩык абонентцәа афымцалашарала реиқәыршәара еиҭашьақәгылоуп, абонентцәа рыбжак инареиҳаны агәаз аиқәыршәара рзеиҭашьақәыргылан.