Леван Иоселиани  - Ахада илыдылкылаз аӡбара садгылоит, уажәы даҽа шьаҿак ала Европа иаҳа ҳазааигәахеит
Леван Иоселиани - Ахада илыдылкылаз аӡбара садгылоит, уажәы даҽа шьаҿак ала Европа иаҳа ҳазааигәахеит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани Қырҭтәыла ахада ателееилахәыра “Мҭавари” адиректор хада  Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра иазкны илыдылкылаз аӡбара дахцәажәеит.

„ Ахада илыдылкылаз аӡбара садгылоит, уажәы даҽа шьаҿак ала Европа иаҳа ҳазааигәахеит“, – иҩит Иоселиани асоциалт каҭаҿы.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, ателееилахәыра „Мҭавари“ агенералтә директор Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит.

2022 шықәса лаҵара 16 рзы Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит ателееилахәыра  „Русҭави 2“ анапхгаҩыс даныҟаз имаҵзуратә ҧхықәрақәа цәгьашақә рхархәара аус азы. 2022 шықәса абҵара 2 рзы аппелиациатә аӡбарҭа Ника Гварамиа изы ақәҵара рымҧсахит. Анеҩс, Гварамиа идукатцәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иадҵаалт, аха, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гварамиа иус ахәаҧшразы аднамкылеит.