Адәныҟатәи аусқәа рминистр Жәлар рыхьчаҩ диҧылеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Жәлар рыхьчаҩ диҧылеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит.

Аиҧылараҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала атәылаҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Гека Гелаӡе Жәлар рыхьчаҩ иинститут аҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ ауаҩы изинқәа рыхьчара аҩаӡара ашьҭыхразы, аинститутқәа русеицура  аҵакы ду амоуп.

Аминистр ишиҳәаз ала, ауаҩы изинқәеи ишәарҭадареи рыхьчара аминистрразы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.

Леван Иоселиани  аминистр изеиҭеиҳәеит Жәлар рыхьчаҩ иинститут аусура ахырхарҭақәа ирызкны, анеҩс, ишиҳәаз ала, иара аусеицура арҭбаара дазыхиоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра апресс-маҵзура.