Кремль аинформациа инақәыршәаны,  Владимир Путини Реџьеп  Таип Ердоҕани цәыббра 4 рзы Шәача еиҧылоит
Кремль аинформациа инақәыршәаны,  Владимир Путини Реџьеп  Таип Ердоҕани цәыббра 4 рзы Шәача еиҧылоит

Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп  Таип Ердоҕан диҧылоит Шәача, цәыббра 4 рзы.

Ажурналистцәа ари атәы ирзааицҳаит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков.

«Ииашоуп, аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит ашәахьазы, Шәача, шьыбжьон», — иҳәеит  Дмитри Песков.

АИХқәа рдыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла аиҳабыра радминистрациа ишьақәдырҕәҕәеит Реџьеп Таип Ердоҕан Шәачаҟа дышдәықәло.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рлидерцәа  «Амшынеиқәатәи арыцтә аиқәшаҳаҭра» аиҭашьақәыргылара азҵаара иалацәажәоит.

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рлидерцәа    «арыцтә аиқәшаҳаҭра» ашьҭахь раҧхьаӡа акәны еиҧылоит. Аҵыхәтәаны Ҭырқәтәыла ахада Урыстәыла дыҟан ҵыҧх. Аиҧылара мҩаҧган Шәача,  2022 шықәса нанҳәа 5 рзы.