Китаи аҳәынҭқарратә хеилак аҧыза-министр Ли Циан Иракли Кобахиӡе Китаитәи аимпорт жәларбжьаратәи ацәыргақәҵара аартра ацеремониахь ааҧхьара ииҭеит
Китаи аиҳабыра рыхьӡала, гәыкала ааҧхьара шәысҭоит аабатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аартра ацеремониашҟа, агәра ганы сыҟоуп уи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҳа ишарҭбаауа, – иануп Китаи аҳәынҭқарратә хеилак аҧыза-министр Ли Циан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе изааишьҭыз ашәҟәы аҟны.
Ацәыргақәҵа мҩаҧысуеит Шанхаи, абҵара 5 рзы.
„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, зҵакы дуу абри аусмҩаҧгатә аҿы шәылахәызаара сахыццакуеит. Китаии Қырҭтәылеи аиҩызаара ҕәҕәа рыбжьоуп, апартниорцәа бзиақәоуп. Ҳара патуеиқәҵареи агәреибагареи, аҩ-ганк иаҳзыфеидоу аусеицуреи ҳабжьоуп. Ҳстратегиатә партниорра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. „Маҟак мҩак“ аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусеицура алҵшәа бзиа ахылҵхьеит. Китаи аиҳабыра рыхьӡала, гәыкала ааҧхьара шәысҭоит аабатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аартра ацеремониашҟа, агәра ганы сыҟоуп уи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҳа ишарҭбаауа, ҳажәларақәа иаҳа ирацәаны хырҳагара шырзаанаго“, – иануп Китаитәи жәлартә республика аҳәынҭқарратә хеилак аҧыза-министр ишәҟәы аҟны.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа.