Киеви Украина егьырҭ атәылаҿацәқәеи рҿы иаха аҳаиртә шәарҭара  адырра ҟаҵан
Киеви Украина егьырҭ атәылаҿацәқәеи рҿы иаха аҳаиртә шәарҭара  адырра ҟаҵан

Киеви Украина егьырҭ атәылаҿацәқәеи рҿы иаха аҳаиртә шәарҭара  адырра ҟаҵан. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХқәа.

Украина анапхгара ринформациа ала, Киев ахырхарҭала апилотдатә аппаратқәа дәықәҵан, аха, украинаа аҳаирхыхьчаратә системақәа рхы иадырхәит.

Уаанӡа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи анырҵәагақәа Одесса аракетақәа аларыжьит. Ракетат х-еихагылак змоу ахыбра иақәҳаит. Хҩык ахәрақәа роуит.