Келли Дегнан – Саакашвили изыӡба ахырҧара азҵааразы апроцесс нагӡатәуп, ари азҵаара ахырҧаразы уаҳа аамҭа иҟам
Келли Дегнан – Саакашвили изыӡба ахырҧара азҵааразы апроцесс нагӡатәуп, ари азҵаара ахырҧаразы уаҳа аамҭа иҟам

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражҳәаҩ  Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Михаил Саакашвили изку  «CNN» аҭыхымҭа лымбацт.

Лара лажәақәа рыла, Америка ацҳаражәҳәарҭа Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаҧшуеит. Дегнан ишылҳәаз ала, Саакашвили иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭаразы аҭак рыҧхықәуп Қырҭтәыла аиҳабыра.

««CNN» аҭыхымҭа зымбацт. Ҳара Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышҭрала ҳацклаҧшуеит.  Апроцесс хымҧада инагӡатәуп. Ауаҩы иҧсҭазаароуп ҳазлацәажәо, Саакашвили иоума, абри аҩыза аҭыҧ аанызкыло даҽаӡә иоума, хымҧада амедицинатәи апсихологиатә цхыраара иҭатәуп. Ҳара ҳазынтәгьы иазгәаҳҭахьеит, Жәлар рыхьчаҩгьы илҳәахьеит Саакашвили игәабзиара ҭагылазаашьазы аҭак шрыҧхықәу Қырҭтәыла аиҳабыра. Имҩаҧгаз апроцесс абзоурала еилкаахеит Саакашвили абри аҩыза ацхыраара шиҭаху.  Убри азоуп апроцесс хымҧада изынагӡатәу. Уи ахырҧразы аамҭа иҟам», — илҳәеит Келли Дегнан.