Келли Дегнан – Аҵыхәтәантәи  6-8 мза рыҩныҵҟа Қырҭтәыла имҩаҧысуа акампаниа Қырҭтәылеи Мраҭашәареи рпартниорра иаҧырхагоуп
Келли Дегнан – Аҵыхәтәантәи  6-8 мза рыҩныҵҟа Қырҭтәыла имҩаҧысуа акампаниа Қырҭтәылеи Мраҭашәареи рпартниорра иаҧырхагоуп

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан лҳәамҭала, аҵыхәтәантәи  6-8 мза рыҩныҵҟа Қырҭтәыла имҩаҧысуа акампаниа Қырҭтәылеи Мраҭашәареи рпартниорра иаҧырхагоуп.

Лара лажәақәа рыла, уи ақырҭуа жәлар ргәазыҳәареи евроинтеграциа апроцесси иаҿагылоуп.

«Лабҿаба иубарҭоуп , аҵыхәтәантәи  6-8 мза рыҩныҵҟа Қырҭтәыла имҩаҧысуа акампаниа Қырҭтәылеи Мраҭашәареи, Қырҭтәылеи Америкеи, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи  рпартниорра  ишаҧырхагоу.  Уи ақырҭуа жәлар ргәазыҳәареи евроинтеграциа апроцесси иаҿагылоуп. Ауаа европатәи аҧеиҧш рымазар рҭахуп, адемократиа ҕәҕәеи, аекономикатә диверсификациеи, мышхәыбзазареи, Урыстәылантә ахьыҧшымреи  рҭахуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла  Урыстәылантә ахьыҧшызаара  аиҵатәра аганахьала ақәҿиара ду аман. Қырҭтәыла Урыстәылантә ахьыҧшызаара аҭахым, избанзар аҩызцәа ҕәҕәақәа амоуп, ҳара абри аҩыза аҩызцәа ҳҭахуп. Қырҭтәылеи Америкеи, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рпартниорра гәҩарас иҟазҵо ауааҧсыра рыжәлар рыбжьы раҳароуп. Шәыбжьы,  шәгәазыҳәара, шәҧеиҧш —  Европоуп», — илҳәеит  Келли Дегнан.