Каха Калаӡе – Қырҭтәыла Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, конгрессменцәақәак иҟарҵо аҳәамҭақәа ииашам, дара амц рҳәоит
Каха Калаӡе – Қырҭтәыла Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, конгрессменцәақәак иҟарҵо аҳәамҭақәа ииашам, дара амц рҳәоит

«Қырҭтәыла Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, конгрессменцәақәак иҟарҵо аҳәамҭақәа ииашам, дара амц рҳәоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе Қырҭтәыла азҵааразы Ҳельсинктәи акомиссиаҿы имҩаҧысраны иҟоу азыӡырҩра иазкны иазҵааит. Ашаҳаҭцәа раҳасабала акомиссиашҟа аарыҧхьеит  Саломе Зурабишвилии, Ҭина Хидашелии, Лиук Коффии. Ҳельсинктәи акомиссиа аҳәамҭа иануп: «Ианаамҭаз Қырҭтәыла Америказы зҵакы дууз партниорын, Кавказ арегионаҿ ахақәиҭра иасимволын. Иахьа анапхгаратә партиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ари атәыла урыстәылатәи ақәыҧшыларахь иархынҳәуеит, Китаи уҳәа, Америка иаҿагыло атәылақәа рҟны аизыҟазаашьақәа дырҕәҕәоит».

Каха Калаӡе ари аҳәамҭа аҭак аиҭеит.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирдыруеит  „агентура“ иаанаго, урҭ иззықәҧо. Китаии ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар,  ҳара ҳзы арҭ аизыҟазаашьақәа аҵакы ду рымоуп.  Аҳәынҭқаррақәа рацәа Китаи аҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазҿлымҳауп.  Китаи иамоу алшарақәа ҳхы иаҳархәароуп.  Қырҭтәыла Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, конгрессменцәақәак иҟарҵо аҳәамҭақәа ииашам, дара амц рҳәоит. Мышқәак раҧхьа ҳтәыла ахадагьы аҳәамҭа ҟаиҵеит, уаагьы еилыккаа иануп ҳара хықәкыс иҳамоу   — ҿыц аизыҟазаашьақәа ралагара ҳҭахуп», — иҳәеит  Каха Калаӡе.