Каха Калаӡе - Иракли Ҕарибашвили дыздыруеижьҭеи акрыҵуеит, ҳаицнагаҩцәа дреиуп, иҟалаз сгәы снархьоит, аха, аусеилыргара ҳазыҧшып
Иракли Ҕарибашвили дыздыруеижьҭеи акрыҵуеит, ҳаицнагаҩцәа дреиуп, иҟалаз сгәы снархьоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Иара иажәақәа рыла, аусеилыргара мҩаҧысуеит, уи алҵшәақәа ҳрызҧшыроуп.
„Ҳаицнагаҩцәа иреиуз, иаҳҩызас ауаҩы изкны абри аҩыза аҳәамҭақәа разыӡырҩра сцәыуадаҩуп. Иракли Ҕарибашвили дыздыруеижьҭеи акрыҵуеит, 2012 шықәса инаркны ҳаицуп. Иҟалаз зегьы сгәы снархьоит, аха, аусеилыргара ҳазыҧшып. Иара апартиа дшалҵыз жәдыруеит, аполитика далахәым. Мызқәак раҧхьа иара ихаҭагьы ҳпартиа аофис аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.
Иара иҳәамҭала, Ҕарибашвили ахара шидырҵаз атәы еиликааит апрокуратураҿ имҩаҧгаз абрифинг аҟынтә.
„Ҳаицнагаҩцәа иреиуз, иаҳҩызас ауаҩы изкны абри аҩыза аҳәамҭақәа разыӡырҩра сцәыуадаҩуп, абри зегьы сгәы снархьуеит. Аҧыза-министр дызлеиҭаҵуаз амашьынақәа зегьы аҳәынҭқарра иатәуп. Аусеилыргара ҳазыҧшуп, иҟало аабап. Заанаҵы ари азҵаара алацәажәара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.