Каха Калаӡе  - Ҳгәыҧ ақалақь азы иҟарҵаз рацәоуп, ҳара алхратә кампаниа наҳагӡоит, ҳҽеидкыланы ҳаҟоуп
Каха Калаӡе  - Ҳгәыҧ ақалақь азы иҟарҵаз рацәоуп, ҳара алхратә кампаниа наҳагӡоит, ҳҽеидкыланы ҳаҟоуп

Қарҭ уажәтәи ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, алхрақәа аҩбатәи атур аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә, амобилизациа наӡа рылаҳәоуп.

Иара иажәақәа рыла, дара алхраҧхьатәи акампаниа активла инарыгӡоит.

«Алхрақәа аҩбатәи атур ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә, ҳҽеидкыланы ҳаҟоуп. Алхыҩцәа ҳарҧыланы, ақалақьи анеҩстәи ҧшьықәса рыҩнуҵҟала иҟаҳҵараны иҟоу аусқәеи рзы ҳрацәажәоит.   Иаартны исҳәар сҭахуп, ҳгәыҧ ақалақь азы иҟарҵаз рацәоуп. Ҳара аҭаацәара рацәа ҳрыцхрааит, аинфраструктуратә проектқәа наҳагӡеит, арекреациатә лагылазаарақәа еиҿаҳкааит, аха иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп, абарҭ апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵара иацхрааша аплан еиқәыршәаны иҳамоуп», — иҳәеит  Каха Каладзе.