Каха Калаӡе - Ҳара дарбанзаалак аӡәы ихатә ҧсҭазаара ҳҽалаҳгалом, аха, апропаганда ҳзақәшаҳаҭхом
Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, аиҳабыра атәыла ауааҧсыра рхатә ҧсҭазаара рҽаларгалом, ауаа рзинқәа ихьчоуп Аконституциа ала, аха, ЛГБТ апропаганда ҟалом.
Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар ицәыригаз амеморандум иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
«Ҳәарада, ҳара ауаа рзинқәа ҳахьчоит, арҭ азинқәа ихьчоуп Аконституциа ала. Ҳара ауаа рхатә ҧсҭазаара ҳҽалаҳгалом, доусы ишиҭаху, зҿы иҭаху дынхар илшоит, аха, абри зегьы апропаганда ҳзақәшаҳаҭхом. Убри азоуп ҳара зыӡбахәы ҳәоу азакәан зҳадаҳкылаз. Ари азакәан аӡәгьы иҧырхагахом. Еиҭасҳәар сҭахуп: ҳара ауаа зегьы пату рықәаҳҵоит, еилых раҳҭом, уи рхатә ҧсҭазаароуп, доусы ишиҭаху дынхар илшоит, аха, абри зегьы апропаганда ҳзақәшаҳаҭхом. Ишыжәбо еиҧш, абри аконкреттә азҵаара иадҳаланы Америка ахада ҿыц ипозициеи «Ақырҭуа гәахәтәы» рпозициеи рполитикеи еиҧшуп. Убри аҟынтә, ҳпозициа ҳақәныҟәоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.