Қарҭ ахада Каха Калаӡеи авице-ахада Гьаргь Тҟемалаӡеи Ереван ахада Тигран Авиниан иҧылеит. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҧышәа аиҭныҧсахлареи рҵакы.
«Ашәамахьцәеи ақырҭуааи аигәыларатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Шәамахьтәыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп. Ари амш инамаданы, Қарҭтәи ателебааш Шәамахьтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашан. Ереван снеицыҧхьаӡа, аҩны сыҟоушәа сгәы иабоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳқалақьқәа наҟ-наҟгьы аусеицура шынарыгӡо, зҵакы дуу апроектқәа рацәа рымҩаҧгара шҳалшо», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Ереван ахада ишиҳәаз ала, дара атранспорттә реформа амҩаҧгара аҵакы ду анаршьоит.
«Қарҭи Еревани ирласны аҿиара иаҿуп. Шәара атранспорттә реформақәа хшыҩзышьҭра ду шырзыжәуа аадыруеит. Ари ахырхарҭала аҧышәа аиҭныҧсахлара аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара иаҳа ирацәаны акультуратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара ҳазҿлымҳауп», — иҳәеит Тигран Авиниан.