Апротесттә акциаҿы шаҟаҩы иҟаз интересс исымам. Дара адгылара рымам, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Калаӡе иҳамҭала, атәыла ауааҧсыра реиҳара анапхгаратә партиеи уи имҩаҧнаго аполитикеи иадгылоит, аиҵара роуп апротесттә акциақәа ирылахәы.
„ Аполитикатә партиа, хымҧада, ажәлар рыдгылара амазароуп. Иахьазы атәыла ауааҧсыра реиҳара анапхгаратә партиеи уи имҩаҧнаго аполитикеи иадгылоит, аиҵара роуп апротесттә акциақәа ирылахәы. Дара изакәытә процессқәоу имҩаҧысуа, џьоукы рхы ишадырхәо еилыркаап ҳәа сгәыҕуеит. Аӡәыр анализи аихшьаала иашеи аҟаҵара илшозар, сара уи сазыразуп.
Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа ари апроцесс иалахәып, дара иаартны амчыларатә аиҿкаарақәеи аекстремизми иадгылоит. Уи машәырла акәӡам ишыҟало. Амчылаҩцәа адәныҟатәи рпартниорцәа рҟынтә аҧара роуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәа, рдипломатиатә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аполитикатә процессқәа ирылахәызар ҟалом, аха, дара уи гәхьаас ирымам, аҧҟарақәа зегьы еиларгеит, азакәангьы ацәаҳәа ҟаҧшьқәагьы интересс ирымам “, – иҳәеит Каха Калаӡе.