Каха Калаӡе  - Акт "MEGOBARI" изакәызаалак ак ала ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыдҳәалам
Каха Калаӡе  - Акт "MEGOBARI" изакәызаалак ак ала ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыдҳәалам

Қарҭ ахада Каха Калаӡе игәаанагарала, акт «MEGOBARI» — аиҩызаратә азакәанпроект акәӡам,  уи  «Диҧ стеиҭ» ахықәкқәа аанарҧшуеит.

Ажурналистцәа данрацәажәоз Калаӡе ишиҳәаз ала,   Акт “MEGOBARI” изакәызаалак ак ала ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыдҳәалам.

«Даҽазнык еиҭасҳәоит  —  акт “MEGOBARI” изакәызаалак ак ала ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирыдҳәалам. Ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара  „Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла“ иадгылоит. Арадикалтә оппозициаа аиҵараҿы иҟоуп. Агентуреи ачарҳәаҩцәеи аиҳараҿ изыҟалом. Шәара уажәы шәахьыҟоу  еснагь уа шәыҟазаауеит, иаҳа шәлаҟәхаргьы ауеит.  Аха, сара, Қарҭ ахада иаҳасабала, ари атәыла иқәынхо ауаҩы иаҳасабала, арадикалатә гәыҧқәа уажәтәи рҭагылазаашьа  сгәаҧхом. Аконкреттә закәанпроект ҳалацәажәозар, уи аиҩызаратә закәанпроектым  — уи  „Диҧ стеиҭ“ ахықәкқәа аанарҧшуеит. Дара  2024 шықәсазы апарламенттә алхрақәа раан ақырҭуа жәлар иҟарҵаз алхра ргәамҧхеит, убри аҟынтә, аметодқәа зегьы рыла  — иҟашьу, имцырку, ииашам аметодқәа рыла ҳтәыла иаҿагылоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Қарҭ ахада иҳәамҭала, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари еснагь иаиааиуеит, избанзар  аиашара  — Қырҭтәыла аганахьалоуп иахьыҟоу.