Каха Калаӡе - Аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәыргылара ала ашантаж ҟарҵоит – Қырҭтәылазы ахылаҧшра шьақәыргыланы, ҳтәыла рхатә интересқа рзы рхы иадырхәар рҭахуп
«Қырҭтәыла ииашамкәа иазныҟәеит. Ашантажи амцҳәареи иахьагьы инагӡоит», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Бриатниа Ду ақырҭуа аӡбаҩцәа ирзышьақәнаргылаз асанкциақәа данрылацәажәоз.
Каха Калаӡе иажәақәа рыла, британиатәи аган аарыцҳаит арҭ аӡбаҩцәа акоррупциа иалахәып ҳәа агәҩара иҟоуп ҳәа, аха, уи мцуп, уигьы ашантаж хәҭак ауп.
«Ирҳәаз зегьы башоуп. Рыгәҩарақәа шьаҭас ирымои?! Ирҳәо зегьы мцуп. Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәо жәдыруеит. Ашантажи амцҳәареи иахьагьы инагӡоит. Ашантаж аелементқәа иреиуп амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара. Аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәыргылара ала ашантаж ҟарҵоит – Қырҭтәылазы ахылаҧшра шьақәыргыланы, ҳтәыла рхатә интересқа рзы рхы иадырхәар рҭахуп. Ҳара уи ҳаҿагылоит. Ари апроцесс мариам. Ҳаҧсадгьыли, ҳажәлари, ҳтәыла аинтересқәеи роуп ҳазлацәажәо. Ҳтәыла иахьаҭаххо еснагь уа ҳаҟазаауеит. Дара ирҳәо зегьы мцуп, аха, аҭагылазаашьа аҽаҧсахып ҳәа ҳгәыҕуеит», – иҳәеит Каха Калаӡе.